Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәеи ирыдиныҳәалеит Аиааира амш 75 шықәса ахыҵра

08.05.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәеи ирыдиныҳәалнит Аиааира амш 75 шықәса ахыҵра!

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Аҧсны жәлар, акыр иаҳзаҧсоу Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа!

Ҳаҭыр дула абри амш аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәара Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны иаашәырҧшыз афырхаҵаразы, ауаатәҩса афашизм ацәыхьчаразы шәылшамҭақәа рзы.
75 шықәса раҧхьа афашизм аиааирала ихыркәшан ауаатәҩсатә ҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәыраз аибашьра. Аиааира дуӡӡа ааган ҵҩа змам аҧсҭазаарақәа рахҭынҵарала, миллионҩыла асоветтә тәылауаа рхамеигӡареи, ҿык-бзык иазымҳәо рфырхаҵареи рыла.
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа афронтқәа рыҟны аиааира зчаҧоз рыҩныҵҟа иҟан 55 нызқьҩык инареиҳаны Аҧсны аҵеицәа, арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык ҳаҧсадгьыл ду ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. 22-ҩык Аҧсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ иаҧсахеит, хҩык Ахьӡ-аҧша аорденқәа, 30-ҩык инареиҳаны аибашьратә ҳамҭақәа ранашьоуп.

Иахьа адунеи аҟны ачымазара ҿкы алаҵәаразы иҟоу ашәарҭара иахҟьаны, сынтәа Аиааира Дуӡӡа аиубилеи иазкны аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа аҧаҳхыр акәхеит. Акыр иаҧсоу аветеранцәа, аҳәара ҟасҵоит, раҧхьа инаргыланы шәара шәгәабзиара ахӡыӡааӡара иҳаднаҵо ари азыӡба иашаны еилышәкаарц азы. Убри аангьы аӡәгьы азин имаӡам, иагьилшом ари аныҳәа лаша аҧыхра. Сара иҟасҵаз адҵала, Аиааира Амш аҽны, асанитартә нормақәа рықәныҟәарала, аветеранцәа аӡәа-аӡәала ирҭаауеит Аҧсны анапхгара, ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәа

Аиааира Дуӡӡа амш ныҳәа рыдысныҳәалоит Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра зегьы. Аҭынчра, анасыҧ агымзааит дасу шәыҩнаҭақәа.
Ҽааныбзиала шәнеиааит!"


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org