15.03.2015
Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит
Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит.
13.03.2015
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара.
Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада.
13.03.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала
Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла.
12.03.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа.
Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра.
12.03.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара.
12.03.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы»
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы»
11.03.2015
Адәныҟатәи аполитика ҳәоуеиқәшәарала амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум анапаҵаҩразы ахцәажәарақәа
Хәажәкыра 11 Москва Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи русқәа рзы аминистрцәа Виачеслав Чрыгбеи Сергеи Лаврови ҳәоуеиқәшәарала Адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит.
03.03.2015
Ишьақәырҕәҕәоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа ашьақәырҕәҕәаразы» Аусҧҟа.
23.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа лҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа дылҧылеит
20.02.2015
Аҧсны Ахадеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Жәабран 20, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа –анаплакыҩцәа, абизнесуаа.
19.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион ауаажәларра рхаҭарнкцәа рҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион актив дырҧылеит
18.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Мушьни Лашәриа иҧылара иазку
Хәажәкыра 18, 2015ш., Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иеицырдыруа аҧсуа поет, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик Мушьни Лашәриа диҧылеит.
18.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны абанк аҿы аиҭакрақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит
18.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ирыдҳәаланы имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Ахада Иусбарҭа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит.
16.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Суркови реиҧылара иазку аинформациатә цҳамҭа
Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Сурков напхгара ззиуаз аделегациа
13.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ азы ацҳамҭа
Ахада Иусбарҭа. Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит ашәахтә система аиҭакреи аиҕьтәреи ирызкыз аилацәажәара.
19.01.2015
Аҧсны Ахада Иусҧҟа Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азҵаарақәа рзы
Ахада идҵала Ҭали Шьалико-иҧҳа Џьапуаҧҳа даҭоуп Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азҵаарақәа рзы Аҧсны Ахада ицхырааҩыс.
23.12.2014
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҧсны жәлар рартист Алиса Гыцҧҳаи реиҧылара иазку АИХ азы ацҳамҭа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Москватәи амузыкатә театр «Геликон-Опера» асолист, Аҧсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алиса Гыцҧҳа
16.12.2014
Рауль Ҳаџьымба далахәын Арсени Константин-иҧа Ҳашба игәалашәара иазкыз аконференциа
Аконференциа мҩаҧысуан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аконференц-зал аҟны, иагьазкын иналукааша абызшәадырҩы, аҧсуаҭҵааҩы, Аҧснытәи атәылаҿацәҭҵаара аинститут актәи адиректор Арсени Ҳашба110 шықәсаихыҵра.
03.12.2014
Рауль Ҳаџьымба дырҭааит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаа аусбарҭа аобиектқәа Гал араион аҟны
Апрограмма актәи апункт ала иахәаҧшын аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра Агәаҭаратә Аужьратә Пункт «Егры». ААП аиҳабы Рауль Ҳаџьымба иҟынӡа инаигеит иҟоу аҭагылазаашьа, Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аицгәаҭара аиҿкаареи амҩаҧгареи шымҩаҧысуа ртәы.