Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Аҧсны иҟоу Урыстәыла АФМ Аҳәаахьчараусбарҭа аилазаара дрыдныҳәалеит

30.04.2020

  
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара федералтә маҵзура Аҳәаахьчараусбарҭа аиҳабы Алеқсеи Трубецкои ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иҳәоуп:
  "Ҳаҭыр зқәу Алеқсеи Виқтор-иҧа!
Анапхгареи хаҭалатәи аилазаара зегьи ирыдысныҳәалоит Аҧсны иҟоу Урыстәыла АФМ аҳәаахьчараусбарҭа аҧҵара амш.
2009 шықәса мшаҧымза 30 рзы Урыстәылеи Аҧсни рхадацәа рыла "Аҧсны  аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҟны азеиҧш лшарақәа рзы” аиқәшаҳаҭра аҵаҩра аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҟны акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит.  
Иахьа УА АФМ Аҳәаахьчараусбарҭа аусзуҩцәа аҧсуа коллегацәа ирыдгыланы ҳаҧсадгьыл аҳәаақәа рыхьчоит. Шәара ҳҳәаақәа рыҟны аҭынчра, ашәарҭадара аиқәырхара шәылшеит. Аҧсны жәлар гәык-ҧсыкала иҭабуп ҳәа шәарҳәоит хьӡы-ҧшала имҩаҧыжәго аррамҵуразы.    
Абри амш аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәыгәаҕьра, шәфырхаҵара, ламысцқьала имҩаҧыжәго аррамҵуразы. Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org