Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҳәынҭқарра Ахада инапы аҵаиҩит Аминистрцәа реилазаара ҧхьатәара ашьҭразы Аусҧҟа

24.04.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит «Аминистрцәа реилазаара ҧхьатәара ашьҭразы» Аусҧҟа.  

Адокумент аҟны иҳәоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа (Аиҳабыра) реилазааразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 6,  «Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷқәа 11; 12 инарықәыршәаны:

1. Ҧхьатәара ишьҭызааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа  реилазаара.

2.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара анапы ианҵазааит азинмчқәа рынагӡара Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа  реилазаара ҿыц шьақәгылаанӡа».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org