22.04.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит Гәдоуҭа араион администрациа ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусҧҟа.
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Ихы дақәиҭтәызааит Гәдоуҭа араион администрациа ахада инапынҵақәа рынагӡараҟнытә Ладариа Руслан Михаил-иҧа 2020 шықәса мшаҧымза 23 инаркны иалаиҵаз арзаҳал инақәыршәаны.
Гәдоуҭа араион администрациа ахада инапынҵақәа рынагӡара аамҭала инапы ианҵазааит Очамчыра араион администрациа ахада ихаҭыҧуаҩ Ҭаниа В.А.».