Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит Ҧсоу аӡиас ала атәылауаа ркатегориақәа зегьы рзы 00 сааҭи 00 минуҭи 2020 шықәса мшаҧымза 8 инаркны мшаҧымза 20-нӡа аҳәынҭқарратә ҳәаа аркразы Адҵа.
Адокумент атекст аҟны иҳәоуп:
«1. «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа алагаларазы» 2020 шықәса хәажәкырамза 27 аҟн., № 132-рп (2020 шықәса хәажәкырамза 28 аҟн. № 133-рп аҧсахрақәа ацҵаны) «Аҧсны Аҳәынҭқарра ин.н. Идҵа анагӡаразы ауснагӡатәқәа рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра ин.н. Идҵа иалагалазааит алада иарбоу аҧсахрақәа:
1) апункт 7 аҧыхзааит;
2) апункт 8 анҵазааит аредакциа ҿыц ала:
«8. Иҧкызааит 00 сааҭи 00 минуҭи 2020 шықәса мшаҧымза 8 инаркны мшаҧымза 20-нӡа акатегориақәа зегьы ирыҵаркуа атәылауаа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьратә пунктқәа рыла ралалара:
- Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитивра змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русуҩцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база;
- жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго ахархәагақәа рныҟәцаҩцәа рыда».
2. Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки абри Адҵа апункт 1 ала ишьақәыргылоу аҭахрақәа алдыршааит.
3. Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи аҧсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ала аужьра апунктқәа рзы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭрала Урыстәылатәи аган адырра рнаҭааит абри Адҵа апункт 1 аҟны иарбоу аҧкратә уснагӡатәқәа ртәы».