Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо инапы аҵаиҩит Ҧсоу аӡиас ала атәылауаа ркатегориақәа зегьы рзы 00 сааҭи 00 минуҭи 2020 шықәса мшаҧымза 8 инаркны мшаҧымза 20-нӡа аҳәынҭқарратә ҳәаа аркразы Адҵа

07.04.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит Ҧсоу аӡиас ала атәылауаа ркатегориақәа зегьы рзы 00 сааҭи 00 минуҭи 2020 шықәса мшаҧымза 8 инаркны мшаҧымза 20-нӡа аҳәынҭқарратә ҳәаа аркразы Адҵа.

    Адокумент атекст аҟны иҳәоуп:

«1. «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа алагаларазы» 2020 шықәса хәажәкырамза 27 аҟн., № 132-рп (2020 шықәса хәажәкырамза 28 аҟн. № 133-рп аҧсахрақәа ацҵаны) «Аҧсны Аҳәынҭқарра ин.н. Идҵа анагӡаразы ауснагӡатәқәа рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра ин.н. Идҵа иалагалазааит алада иарбоу аҧсахрақәа:

         1) апункт 7 аҧыхзааит;

         2) апункт 8 анҵазааит аредакциа ҿыц ала:

          «8. Иҧкызааит 00 сааҭи 00 минуҭи 2020 шықәса мшаҧымза 8 инаркны  мшаҧымза 20-нӡа акатегориақәа зегьы ирыҵаркуа атәылауаа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьратә пунктқәа рыла ралалара:

         - Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитивра змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русуҩцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база;
         - жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго ахархәагақәа рныҟәцаҩцәа рыда».

         2. Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки абри Адҵа апункт 1 ала ишьақәыргылоу аҭахрақәа алдыршааит.  

        3. Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи аҧсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ала аужьра апунктқәа рзы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭрала Урыстәылатәи аган адырра рнаҭааит абри Адҵа апункт 1 аҟны иарбоу аҧкратә уснагӡатәқәа ртәы».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org