21.02.2020
Жәабранмза 21 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Тҟәарчал араион Администрациа ахада луалафахәы аиқәырхарада аҧсшьара лышьҭразы адҵа инапы аҵаиҩит.
Адокумент аҟны иҳәоуп:
«1. Дышьҭызааит Тҟәарчал араион Администрациа ахада, Чачхалиа А.С., луалафахәы аиқәырхарада аҧсшьара 2020 ш. жәабранмза 21 инаркны хәажәкырамза 21 аҟынӡа.
2. Тҟәарчал араион Администрациа ахада аамҭала лнапынҵақәа рынагӡара идҵазааит Тҟәарчал араион Администрациа ахада ихаҭыҧуаҩ Кәыҵниа В.М.».