10.12.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ҭаниа И.В. «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы.
Аусҧҟа аҟны иҳәоуп:
«Аҭҵаарадырратә усураҟны, агеографиа, аекологиа арҿиараҟны ллагаламҭа ду азы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит Ҭаниа Инга Уасил-иҧҳа, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парк адиректор ихаҭыҧуаҩ».