Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Асахьаҭыхҩцәа реидгыла 80-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит
Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу ҳсахьаҭыхыҩцәа, ҳаскульпторцәа, ҳҟазацәа!
Ҳмилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара ахаҭарнакцәа зегьы профессионалтә ҟазшьала еидызкыло Аҧсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла – 80 шықәса ахыҵра – ари иналукааша хҭысуп ҳтәыла ауаажәларратә-культуратә ҧсҭазаараҿы.
Аҧсуа ҿыханҵа, еиуеиҧшым уи ажанрқәа рҿы ҳҟазацәа иаадырҧшхьеит абаҩхатәра ду, еидыркылахьеит хәы-змаӡам арҿиаратә ҧышәа. Ҳәарас иаҭахузеи, аҧсуа ҟазара иамоуп ижәытәӡоу адоуҳатә-естетикатә хыҵхырҭақәа. Урҭ иаҧсоу, иҳараку асахьаркыратә трансформациа роуит еиуеиҧшым абиҧарақәа иреиуоу ҳҟазацәа русумҭақәа рҿы.
Аҩажәатәи ашәышықәсазы ишьақәгылеит, адунеижәларбжьаратә зхаҵарагьы аиуит аҧсуа милаҭтә ҟазаратә школ. Ихьӡ-иҧша, инырра, имҽхак адунеи зегьы иахыҵәахьеит иналукааша аҧсуа ҟаза Алеқсандр Константин-иҧа Чачба. Рышьҭамҭа ҕәҕәаны инрыжьхьеит Аҧсны аҿыханҵатә ҟазараҿы гәыҧҩык аҿыханҵаҩцәа, аскульпторцәа, аграфикцәа, адизаинерцәа. Иалыршоу маҷым амонументалтә ҟазараҿгьы. Ҳсахьаҭыхыҩцәа рырҿиара аларҵәара ҭбаа аиухьеит Аҧсни Урыстәылеи мацара акәымкәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа жәпакы рыҿгьы.
Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рымч-рылша, рҟыбаҩ азыркит ақырҭуа агрессорцәа раҿаҧҽра, ахақәиҭреи аиааиреи иҧшьоу рус аӡыргара. Урҭ рыплакатқәа, афырхаҵаратә пафос зныҧшуаз рлозунгқәа ақәылаҩцәа ршовинисттә хаҿсахьа аадырҧшуан.
Иахьа Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла аилазаара даара иҭбаауп. Уи иаҵагылеит абаҩхатәра злоу, зхатә дунеихәаҧшра змоу аҿар. Аиҳабыратәи аиҵбыратәи арҿиаратә абиҧарақәа ирыбжьоуп адоуҳатә еимадара ҕәҕәа, имҩаҧысуеит иҿыцу астильтә ҧшаарақәа. Лабҿаба иубартә иҟоуп урҭ рылҵшәақәагьы.
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә ныҳәамш! Ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, арҿиаратә иааира дуқәа».