Ахада Рауль Смыр Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив дыдирдырит

  Ахада Рауль Смыр  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив дыдирдырит

Ҧхынҷкәынмза 5 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Смыр аусбарҭа аколлектив дыдирдырит.

«Ашәарҭадара Ахеилак аҟны ирыҭаз иара убас ианаамҭоу инагӡатәыз анапынҵақәа нагӡамызт. Абарҭ алҵшәақәа рыла алкаақәа ҟаҵан. Арҭ ашьаҿақәа рыҟаҵара алымшаӡеит ауаажәларра рганахьала иҟаз ақәыҕәҕәара иахҟьаны, урҭ ашьҭахь имҩаҧысуаз ахҭысқәа ирылагаанӡа иазгәаҭан», - иҳәеит Ахада.

Ахада иҳәеит азинхьчаратә еилазаарақәа иҵегьы еиқәшаҳаҭны, еицҿакны русура шаҭаху. Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Смыр иҿаҧхьа ишықәгылоу абҵарамза 22 рзы иҟалаз ацәгьоура аарҧшра азҵаара. Ахада иара убас иазгәеиҭеит аусбарҭа аусура алҵшәа аиурц азы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭалатәи аилазаара аганахьала анапхгаҩ ҿыц адгылара иҭара шаҭаху.


Возврат к списку