02.12.2019
Ҧхынҷкәынмза 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит аамҭала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо изы.
Аусҧҟаҿы иҳәоуп:
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа рынагӡара аамҭала инапы ианҵазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Кәарацхелиа Леван Сергеи-иҧа».