02.12.2019
Ҧхынҷкәынмза 2 рзы амшынтә ныҟәаратә лаинер «Князь Владимир» Аҟәа ақалақь амшынтә баҕәазахь ааиразы аҧышәара иахыжьын.
Аҳәынҭқарра Ахада ари ахҭыс Аҧсны Аҳәынҭқарразы иамоу аҵакы атәы иҳәеит.
«Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы ас еиҧш ахҭыс раҧхьаӡакәны имҩаҧысуеит, сгәы иаанагоит, иахьа инаркны аибашьра ҟалаанӡа иҟаз атуристтә усмҩаҧгатәқәеи аҕба дуқәа рааиреи ирыдҳәалоу апроцессқәа хацыркхоит ҳәа Аҧсны», – иҳәеит Ахада.
Амшынтәи аӡиастәи транспорт азы Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Захари Џьиоев иаҵшьны иҳәеит аҕба аҧышәара зегьы азҧхьагәаҭа инақәыршәаны ишымҩаҧысыз.
«Зегьы мҩаҧысит азҧхьагәаҭа инақәыршәаны. Агәаҭаратә ныҟәара қәҿиарала имҩаҧысит. Иара ааиреи аҳәаатә ҧҟарақәеи аус рыдулан. Ачарҭ аҟны иҟаз иара аусуҩцәа ракәын, атуристцәа ақәтәаӡамызт. Аҕба иахьа иқәҵуеит. Иҳәатәуп, аҧсуа ган алаинер аадгыларазы Аҟәа абаҕәазаҟны акваториа (аӡымҽхак) зегьы шазнархиаз», – иҳәеит Захари Џьиоев.
АЕ «Аҧсны амшынныҟәара» Адиректор хада Даур Арӡынба алаинер ааиразы азыҟаҵаратә усурақәа шымҩаҧгаз атәы далацәажәеит.
«Раҧхьатәи аусура ари амҩа аиҿкаара иазкын. Ҳара ҳганахьала ҳалшарақәа зегьы аус рыдаҳулеит, иҭаҳҵааит, имҩаҧгаз аусура хкқәа рышьҭахь ари аҕба адкылара ҳалшеит», – иҳәеит Даур Арӡынба.
Аилахәыра «Амшынеиқәатә ныҟәарақәа» Адиректор хада Виктор Глуховшьенко иҳәеит ареис азы азыҳәамҭақәа шыҟоу атәы.
«Ҳазҭагылоу аамҭазы аҧышәаратә реис аҧхьа ҳаихшанҵаҟны аҭыҧқәа аҳарбеит, убас, ҳазҭало ашықәс азы иарбоуп ареисқәа фба, арҭ ареисқәа абилеҭқәа макьана иҭихаӡом. Зегьы ирдыруеит Аҟәаҟа ареис шыҟало, убри аҟнытә азыҳәамҭақәа рааныжьра иалагахьеит. Ари - иҟоу азҿлымҳара ҳнарбеит. Аҭира ҳаналагалак аҭыҧқәа зегьы шхаҭәаахо ҳдыруеит», - иҳәеит Виктор Глуховшьенко.