Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада амчратә еилазаарақәа злахәыз аилатәара мҩаҧигеит

02.12.2019

Ҧхынҷкәынмза 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба амчратә еилазаарақәа злахәыз аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Аслан Барцыц, Аҧсны Жәлар Реизара – Апараламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧыза-министр Валери Бганба.

Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы Аҟәа ақалақь аҿы аҭыҧ змаз ацәгьоура аҭҵаара амҩаҧысшьа иазкыз аҳасабырба инамаданы, иҳәеит:

«Ашәарҭадара Ахеилак аҟны ишьақәыргылан ацәгьоурақәа раарҧшра аҿҳәара. Иҳамоу алҵшәақәа исыдырҵоит  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихы иақәиҭтәразы аӡбамҭа адкылара, иара убас Апрокурор хада ихы иақәиҭтәразы Аҧсны Жәлар Реизара – Апараламент ахь ажәалагала анашьҭра». 


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org