Ахада даҭааит ирҿыцу аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа афитосанитартә лабораториа аартра

Ахада даҭааит ирҿыцу аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа афитосанитартә лабораториа аартра

Абҵарамза 29 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба даҭааны ибеит ирҿыцу, ҳаамҭазтәи амыругақәа рыла еиқәыршәоу аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа афитосанитартә 

Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа алабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәба илҳәеит, алабораториа арҿыцреи иахәҭоу амаҭәахәқәа рыла реиқәыршәареи лҵшәа бзиала аҭҵаарақәа рымҩаҧгаразы алшарақәа ишрыцнаҵо:
«Раҧхьаӡа акәны аибашьра ашықәсқәа рышьҭахь аҭагылазаашьа аҧҵоуп алабораториа арҿыцреи иахәҭоу маҭәахәла аиқәыршәаразы. Ҳтәыла Ахада аҧхьа днаргыланы, анапхгара зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп алабораториатә ҭҵаарақәа рзы лҵшәа бзиала аус ҳуртә аҭагылазаашьа ахьаҳзаҧырҵаз. Хкы рацәала аекспертиза амҩаҧгаразы ҳҭагылазаашьа акыр еиӷьхеит».

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, алабораториа алҵшәақәа ирласны ахархәара шрыҭатәу аҵиаа аҧхасҭа азҭо раҧырҟәҟәареи рықәхреи рзы.

Имҩаҧгаз аусурақәа ирылҵшәаны, афитосанитартә лабораториа еиқәыршәоуп ихымҧадатәиу, ҳаамҭа иақәшәо амаҭәахәқәа рыла, аентомологиатә, афитопатологиатә, абактериалогиатә, агельминтологиатә еспертизақәеи егьырҭ аҵиаақәа рекспертизақәеи рымҩаҧгаразы. Аекспертиза ахкқәа зегьы хаҭабзиарала рымҩаҧгара акырзҵазкуа етапуп абаҳчақәеи, адәқәеи, абнақәеи рыхьчаразы, иара убас ишәарҭоу аҧхасҭа ҟазҵо ахәаҷа-маҷа рнырҵәаразы.


Возврат к списку