Ахада аилацәажәара мҩаҧигеит Аҟәа ақалақь адәахьтәи ахаҿра аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анагӡаратә мчхара аусбарҭақәа русеицуразы

Ахада аилацәажәара мҩаҧигеит Аҟәа ақалақь адәахьтәи ахаҿра аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анагӡаратә мчхара аусбарҭақәа русеицуразы

Абҵарамза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аиҧылара мҩаҧигеит Аҟәа ақалақь администрациеи, аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭа хадақәеи, анаплакқәеи, ареспубликатә ҵакы змоу аиҿкаарақәеи аҳҭнықалақь ахаҿра аиҿкаареи, иара убас ақалақь иаҵанакуа аобиектқәа рныҟәгареи, ақалақь аҩныҵҟа иҟоу адгьылҵакырақәа реиҿкаареи ирызку азҵаарақәа рҿы русеицуразы.

Ахада Аҧыза-министр Валери Бганба иҿаҧхьа дҵаны иқәиргылеит иара убас еишьашәалоу анаплакқәеи ареспубликатә хылаҧшраҟны иҟоу аиҿкаарақәеи иаарласны иахәҭоу аусмҩаҧгатәқәа зегьы рынагӡара иалагарц аҳҭнықалақь адәахьтәи ахаҿреи, ақалақь ахыбрақәеи, адгьылҵакырақәеи реиҿкааразы.

Аҳәынҭқарра Ахада аиҧылара иалахәыз ҷыдала иазхьарҧшны иреиҳәеит абри аус аҟны еиҳа активла аусура шымҩаҧгатәу, насгьы убри аан изықәныҟәаша азҧхьагәаҭа аздырхиарц ақалақь иамҽханакуа амашьынамҩақәеи, аӡымҩангагақәеи, абзазаратә црыҵқәеи, апаркқәеи, аҟәатәи аџьармыкьа адгьылҵакыреи, аҧсшьарҭатә ҭыҧқәеи, амшын аҿықә аҟны иҟоу ахыбрақәа рырҿыцреи, адәахьтәи ахәаахәҭреи, аихамҩатә вокзалқәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылареи, ауаажәларратә транспорт аусуреи ирыдҳәалоу азҵаатәқәа инарымаданы.

002_27.JPG003_27.JPG


Возврат к списку