Абҵарамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Сақаниа С.Т. «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Амилаҭтә журналистикаҿы, Аҧсуа ҳәынҭқарратә телехәаҧшраҿы иааирҧшыз алашмҭақәа рзы Сақаниа Слава Таҷ-иҧа ихҵазааит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы».