Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

Абҵарамза 6 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Аҳәынҭқарра Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс даҭазааит Саманба Гарик Харитон-иԥа».


Возврат к списку