04.11.2019
Абҵара 4 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!
Ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи Афедерациа ажәларгьы аҵак ду змоу Жәлар ракзаара амш.
Жәлар ракзаара амш — Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ныҳәа хадақәа ируакуп. Ари аныҳәа Урыстәыла аҭоурых иузаҟәымҭхо, еиуеиҧшым амилаҭқәа, анцәахаҵарақәа ныҟәызго ракзаара ҵакыс измоу, иара убас, гәыҩбарада, адоуҳатә ҵак ду змоу, апатриотизми Аҧсадгьыл абзиабареи ирсимволны ныҳәаны иҟалеит.
Иахьа Урыстәыла Шәара имҩаҧыжәго адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитика иабзоураны, аҭоурых дуӡӡагьы аҧеиҧш бзиагьы змоу иҕәҕәоу ҳәынҭқарроуп.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, абри аныҳәамш аҽны, Шәаргьы Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо ауааҧсыра зегьы ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара».