Жьҭаарамза 31 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрс даҭазааит Ҵахнакиа Ҭамаз Мурман-иҧа».