Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

30.10.2019

Ахада аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Жьҭаарамза 30 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит ХХ ашә. 30-40 шш. арепрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҧхьаҟатәи абиҧарақәа рыҧсҭазаараҟны ас еиҧш иҟоу ахҭысқәа уаҳа иҟамларц азы аҭоурых адырра иамоу аҵак ду.

«Ари ҳара ҳҭоурых ауп, ҳара ҳауаажәлар рҭоурых ауп, урҭ рхы иамеигӡеит Аҧсны аиқәырхаразы. Даара акраҵанакуеит аҭоурых адырра, агәалашәара. Ҳажәларгьы, егьырҭ ажәларқәагьы рыҧсҭазаараҟны ас еиҧш иҟоу ахҭысқәа уаҳа иҟамларц азы, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп арҭ ахҭысқәа, ари аҭоурых ҳхамышҭырц азы, еиқәырханы, игыло абиҧарақәа ирымаҳдаразы», – иҳәеит Ахада.

Ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын иара убас Ахада Ихаҭыҧуаҩ Аслан Барцыц, Аҧсны жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Барцыц, Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Ахада иара убас дрылахәын Гагра ақ. аҟны ашәҭшьҭаҵара ацеремониеи Абааҭа адгьылҵакыраҟны имҩаҧысыз амитинги. Ара аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирызкны иҟало амузеи аҟны аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа ирҿуп.   

30 окт 5 (2).JPG
30 окт 1 (2).JPG


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org