19.10.2019
Жьҭаарамза 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи Жәлар рартист, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Хьыбла Герзмааи XVII амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыҧхьоит…» алахәцәеи идикылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аҧсшәа реиҳәеит.
«Гәахәара дууп еиҭа ббара ара. Ҳара ҳтәылазы акраҵанакуеит бара быҟазаара, афестиваль ибыцалахәу бҩызцәагьы ара иахьыҟоу. Даара акраҵанакуеит бара беиҧшҵҟьа иссиру ҳтәыла ҧшӡа хаҭарнакра ахьазыбуа. «Хьыбла Герзмаа шәаалыҧхьоит…» ҳәа хьӡыс измоу афестиваль аҭоурых ду аманы, иссиру фестивальны ишыҟало сара агәра згоит. Ҳаҧхьаҟа иҵегьы иҟаҳҵаша рацәоуп.
Акыр иаҧсоу асасцәа, ҳара ҳзы гәахәароуп ара шәыҟазаара. Агәра згоит уаҵәтәи аныҳәа ҳауаажәлар агәахәара ду шырнаҭо. Ари ахҭыс – Урыстәылеи ҳареи иҳабжьоу агуманитартә еимадарақәа ртәы аҳәоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аҧсны иалҵыз аҟазацәеи шәареи шәеидгыланы иҟашәҵо азы», – иҳәеит Ахада.
Хьыбла Герзмаа аҳәынҭқарра Ахада идылныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадас еиҭалхра, изеиҕьалшьеит атәыла аизҳазыҕьара иазку игәҭакқәа рынагӡара.
«Раҧхьа инаргыланы, ишәыдысныҳәаларц сҭахын алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира. Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, зыгәрагоу ауаа шәааигәа иҟазаарц. Аус шәыцызуа шәҩызцәа еиҳагьы иҕәҕәахо, ҳтәыла ссир азы шәгәы иҭашәкыз аусқәа зегьы рынагӡара шәахьӡо Анцәа иҳәааит. Даара бзиа шәаҳбоит, бзиарақәас иҟоу зегьы шәыдыскылоит.
Уаҵәы акыр иуадаҩу, аҵак ду змоу аконцерт наҳагӡараны ҳаҟоуп. Аконцерт ахьымҩаҧаҳго аҭып ҿыцуп, иаарту ари ашҭа ҳауаажәлар иргәаҧхап ҳәа ҳгәыҕуеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит адгылара сызҭаз сҩызцәа, исыцу зегьы. Иҭабуп, стәыла. Сара сазгәдуны исҳәоит саҧсуоуп ҳәа. Сгәыҕуеит сыҧсадгьыл еизҳазыҕьап ҳәа, аҟазареи амузыкеи рганахьала сара есқьынгьы сшәыдгылоит», – лҳәеит Хьыбла Герзмаа.
Урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы Башкортосҭан Ареспублика Жәлар рартист Ильдар Абдразаков Хьыбла Герзмаа иҭабуп ҳәа леиҳәеит афестиваль аҽалархәразы ааҧхьара ахьилҭаз. Хьыбла Герзмаа лганахьалагьы Ильдар Абдразаков иҭабуп ҳәа иалҳәеит ақәгыларазы аамҭа ҧшааны дахьааз.
«Хьыбла – бираҟҵас дыҟоуп, адунеи зегьы иалганы иаалго, ари шәара шәгәадура лоуп. Хьыбла лашәаҳәара еицакра ақәымзааит, абзиарақәа ҟалалааит. Иҭабуп ҳәа ласҳәоит ааҧхьара ахьсылҭаз азы. Насыҧ дууп сара сзы Аҧсныҟа аара. Сгәыҕуеит ари традицианы иҟалап ҳәа. Еизҳааит, ишәҭыкакаҷааит шәтәыла», –иҳәеит Ильдар Абдразаков.
Академиатә Хор ду «Ахортә шәаҳәара аҟазацәа» асахьаркыратә напхгаҩы Лев Конторович ҷыдала иалкааны Хьыбла Герзмаа лбаҩхатәра азгәеиҭеит.
«Ҳәаа амаӡам лара лахь иҳамоу абзиабара. Хьыбла ҳлыдгыланы акы анынаҳагӡо ҳара ҳзы насыҧуп. Хьыбла лҟазара есқьынгьы набыцра зқәым ҟазароуп. Ари акраҵанакуеит азы зегьы лара илҿыҧшлароуп», – ҳәа азгәеиҭеит иара.
Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит афестиваль иаиҭаз адгыларазы.
«Ҳазҭоу ашықәс азы афестиваль ихадароу хҭыск аҳасабала имҩаҧысуеит, уи ахаангьы аҳәынҭқарра анапхгаҩы ида амҩаҧгара залшаӡомызт. Афестиваль агеографиа аҽарҭбааит, афестиваль иалахәу, аҩызцәа рацәоуп. Ари - иааиҧмырҟьаӡакәа аҿиара иаҿу ҭоурыхуп. XVII афестиваль изҭаху зегьы аднакылар алшоит ҳәа сгәы иаанагоит. Хьыбла лбаҩхатәра аҵакы еилызкаауа абиҧара ҿыцгьы гылеит. Ари афестиваль – аимадарақәа рышьақәыргылара зылшо, ахәаҧшҩы ишҟа абзиабара зцу акоуп», – лҳәеит Ельвира Арсалиа.