Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аррамаҵзуцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рымш рыдиныҳәалеит

11.10.2019

Ахада аррамаҵзуцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рымш рыдиныҳәалеит

 Жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаԥысыз аныҳәатә еизараҟны Аԥсны аррамаҵзуцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рымш рыдиныҳәалеит.

«Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа ари амш. Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп ҳар рыҟны арҿыцрақәа ралагалара иазку аусура ахьхацыркхаз. Атәыла анапхгара амчала, Атәылахьчара аминистрра анапхгара абзоурала иҟаҵоу маҷӡам. Аԥсҭазаара иаҳнарбеит ҳаӷа ҳадгьылҵакыра даламларазы ахыхьчара шҳалшо. Ҳарҭ уи изныкымкәа ишьақәҳарӷәӷәахьеит.

Иахьа даҽа уснагӡатәык ҳҿаԥхьа иқәгылоуп, ар ҳаамҭа иақәшәо бџьарла еиқәыршәатәуп, аҧсуа ар иамоу алшарақәа ҳахьчароуп, еихаҳҳароуп. Ари аус аҟны Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара ҳнаҭоит.

Абзиарақәа шәзеиӷьасшьоит зегьы! Иҭабуп имҩаҧыжәго амаҵзуразы, шәмаҵура шәазыҟазаашьазы», - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

_MG_2842.JPG


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org