09.10.2019
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәара зҽалазырхәырц иааз Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аделегациа идикылеит.
Аделегациа анапхгаҩы, Ҟабарда-Балкариа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Муҳамед Коӡоков агәра шиго иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иазԥхьагәаҭаны имоу аусқәа шынагӡахо азы.
«Ҟабарда-Балкариеи Аԥсни еснагь аиҩызара рыбжьан, уи аринахысгьы иацҵахоит. Шықәсык аԥхьа иахьа ара иҟоу ҳделегациа иалахәыз роуп Аԥсны иҟаз, иаҳбарҭоуп атәыла аҿиара ишаҿу. Ҳара ри ҳаигәырҕьоит, агәрагьы ҳгоит шәколлегацәеи шәареи иазгәашәҭаз аусқәа шынагӡахо. Ҳара еснагь ҳшәыдгылоит, шәааигәара ҳаҟоуп», - иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҟабара-Балкариатәи Ареспубликеи рыбжьара аусеицура аҿиара иамоу аҵакы:
«Ҟабарда-Балкариеи ҳареи аигәылацәа реиҳа ҳаиҳауп, ҳарҭ аиашьаратә жәларқәоуп, ҳаузеиҟәыҭхом. Аибашьра аамҭазы иҳадгылаз зегьы ҳрызгәдууп. Аҷкәынцәа аӡәырҩы ара иҭахеит, урҭ ргәалашәара ҳацзаауеит есқьынгьы. Аҷкәынцәа ацәаҳәа иқәгылоу рҽазыршәоит аимадара арҿиара, уи ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Иҟаҵоу рацәоуп, аестафета еизҳауа абиԥарақәа ирымадатәуп. Ҳарҭ иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны гәыла-ԥсыла шәахьазыҟоу азы».