Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иҟоу Никарагуа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес-Мехиа дидикылеит.
Ахада уи иҭабуп ҳәа леиҳәеит Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәара дахьалахәыз азы. Иара убас иаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсни Никарагуеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыҿиара иамоу аҵакы. Никарагуа ажәлари анапхгареи ирзеиҕьаишьеит ашәҭыкакаҷра, аизҳазыҕьара.
Альба Асусена Торрес-Мехиа Никарагуа анапхгара ахьӡала илҳәеит аҧхьаҟагьы аусеицра ацҵара ишазхиоу, Аҧсни Аҧсны жәлари ирзеиҕьалшьеит аҭынчра, аизҳазыҕьара.