Жьҭаарамза 9 рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә церемониа.
Аныҳәатә еилатәара ааиртит Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа.
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ҳаҭыр зқәу асасцәа. Ииасыз Аҧсны Ахада иалхрақәа ишьақәдырҕәҕәеит ҳтәылаҿы адемократиатә принципқәа аиааира шыргаз, адунеи зегьы аҿы ҳуаажәларра атәылауаҩратә ҭәымҭа ишҭагылаз, Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ишышьақәгылаз ддырбеит. Алхратә кампаниа амҩаҧысшьа иацклаҧшуаз хыҧхьаӡара рацәала анаҧшыҩцәа аӡәк иеиҧш иазгәарҭеит Аҧсны азакәанҧҵареи, жәларбжьаратәи адемократиатә принципқәеи ажәлар ицивилизациатәу ргәазыҳәара атрадициақәеи ишрықәшәо атәы.
Имҩаҧысыз алхрақәа рполитикатә ҵаки рҵабыргреи шьақәдырҕәҕәоит иалху Ахада ихьӡала иааиуа адныҳәаларақәа, Ахада имаҵура анагӡарахь анеира иазку аныҳәатә церемониа иалахәу аделегациақәа», – иҳәеит Валери Кәарҷиа.
Анаҩс ҭоуба ауразы ааҧхьара иҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалху Рауль Ҳаџьымба.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инапы нақәҵаны, Рауль Ҳаџьымба ҭоуба иуит:
«Ҭоуба зуеит, сымч-сылша, схы-сыхшыҩ, сыҧсҭазаара зегьы Сыҧсадгьыл, сыуаажәлар рымаҵ аура ишазыскуа, сыжәлар ирымҭаны снапаҿы иҟало амчра ҳҳәынҭқарра Аконституциа, иахьатәи уи амш, уаҵәтәи уи аҧеиҧш рыхьчаразы схы ишасырхәо. Жәлар рылахь соуааит иҧшьоу абри ахықәкы сацәхьаҵны саныҟала. Иа Анцәа Ду суҳәоит, сыҧсадгьыли сыуаажәлари рымаҵ аураҿы амчи алшареи суҭарц».
Инагӡаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Агимн анаҩс, Аҳәынҭқарра Ахада инапы аркразы азал иҩнагалан аҳәынҭқарратә мчхара атрибутқәа.
Анаҩс имҩаҧысит Рауль Ҳаџьымба ахада имчхара адыргақәа – ахада ибираҟ, Аҳәынҭқарратә герб, «Аҧсны Ахада» ҳәа аҩыра зну амҳәыр официалла инапы аркра, иара убас Аҧсны Арбџьар мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада иаҳасабала иҟазаара символра азызуа аҳәа. Ахада имчхара аазырҧшуа егьи адырга - аҧсуа лабашьа иаанарҧшуеит милаҭрацәала еилоу Аҧсны жәлар ргәыҕрақәеи ргәазыҳәарақәеи – ижәлар аҭынчреи аизҳазыҕьареи рызнаигаразы аҳәынҭқарратә ҟәыҕара, ахада ихачҳара.
Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Ахантәаҩы Валери Кәарҷиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ақәгыларазы ажәа ииҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада ажәахә ҟаҵо дықәгылеит:
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу ҳасасцәа!
Иахьа абра имҩаҧысуа ахҭыс – ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра аполитикатә ҭоурых ҿыц иадаҟьоуп. Уи иаанарҧшуеит, егьа уадаҩра ыҟазаргьы, ҳара ҳаҩныҵҟа, ма ҳакәша-мыкәша, ҳтәыла, хьаҵрак ҟамҵа, аҿиареи, аизҳареи, адемократиеи рымҩа ишану. Аҧсны Ахада иалхра мҩаҧысит иааидкыланы аҭынчратә, аҭышәынтәаларатә ҟазшьа аманы. Ааи, иҟан аимак-аиҿак, аргама еибаҳҳәон иҳагу-иҳабзоу, ҳрылацәажәон иахьа хымҧада иӡбатәны иҟоу апроблемақәа, аха урҭ ҳмилаҭтә етика аҳәаақәа ирҭагӡан. Уажәтәи алхрақәа иҧышәагоу даҽа шьаҿакны иҟалеит ҳазну амҩаҿы, аҳәынҭқарра аргылараҿы, аполитика-зинтә культура аҧҟарақәа рықәныҟәараҿы.
Алхрақәа хыркәшоуп. Иҟоуп алҵшәақәа здызкыло, издызымкыло. Сгәы иаанагоит, уажәшьҭа усӡбатәны иҟалароуп ҳәа ҳазлагаз аиҭакрақәа рымҽхак арҭбаара. Уи азы ихымҧадатәны иҟоуп ауаа реидкылара, ажәлар раӡәкра. Сақәгәыҕуеит, уи аганахьала аилкаареи, аҟәыҕареи аадырҧшып ҳәа аполитикатә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа зегьы, Аҧсны аҧеиҧш хьаас, гәҭыхас измоу зегьы, неилых ҟамҵакәа.
Ҳаҧхьа ишьҭоуп асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа шьаҭанкыла аиҕьтәра аус. Адунеитә геополитика ҳасаб азуны, азҿлымҳара ҷыда рыгымхароуп амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи. Ихадарақәоу ируакуп ацәгьаурақәа рҿагылара, азинтә леишәа арҕәҕәара ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Иара убас хыхь-хыхьла акәымкәа, апрограмматә знеишьа аарҧштәуп адемографиатә проблемақәа рыҭҵаараҿы, раларҵәараҿы. Априортетқәа ируакны иаанхоит аҳәынҭқарратә бызшәа амч, алша, амҽхак арҭбаареи, ҳмилаҭтә хаҿра аазырҧшуа, ибеиоу Аҧсны аҭоурых аӡыргареи.
Иҵегь ирҕәҕәатәуп, ареалтә ҟазшьа рыҭатәуп аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳастратегиатә усеицура аҩаӡара иаҳа-иаҳа ишьҭыхуа, агәцаракра агаҳмыжьроуп ҳҭоурыхтә лахьынҵа иузаҟәымҭхо Нхыҵ Кавказ.
Сара издыруеит, абарҭқәа зегьы ҳамч шрықәхо, ҳабжьара ианыҟала аилибакаара, аизыразра. Даҽа мҩакгьы ҳамам!
Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәамч-ҕәҕәа, аихьӡара ҿыцқәа!
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, иахьатәи аизара зхы алазырхәыз аҳәаанырцәтәи ҳколлегацәа, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аҭакҧхықәра ду зцыз ари алхратә кампаниа ашҟа иаашәырҧшыз азҿлымҳаразы, досу ҳтәыла аҿиара, ашьақәгылара аус иадышәҵо аџьабааи, агәбылреи, алшамҭақәеи рзы! Иазҳалааит, ишәҭыкакаҷлааит ахьыҧшымра амҩа иану Аҧсны Аҳәынҭқарра! Шьардаамҭа Аҧсынра».
Анаҩс, адныҳәаларатә ажәахә даҧхьеит Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов:
«Ҳаҭыр зқәу, Рауль Џьумка-иҧа!
Ҳаҭыр зқәу Аҧсны атәылауаа, асасцәа!
Акыр иаҧсоу аҩызцәа!
Гәык-ҧсык ала сеигәырӷьоит, сара сзы иагьҳаҭыруп аҭагылазаашьа ахьсымоу ас еиҧш аҭоурыхтә ҵаки аҭакҧхықәреи зцу амш аҽны сҩызцәа аҧсуаа сахьшәывагылоу, Алада Уаҧстәыла ахьӡала аҧсшәа шәаҳәаразы, аҳәынҭқарра Ахадас иалху имаҵурахьы инеира шәыдныҳәаларазы алшара ахьсымоу.
Ажәлар ҩаҧхьа Рауль Џьумка-иҧа Ҳаџьымба Ахада изинмчқәа иҭаразы игәра ргеит. Имҩаҧысыз алхрақәа иаадырҧшит алхыҩцәа реиҳараҩык ихьӡ ишадырҳәало атәыла аҧхьаҟатәи аҿиара.
Рауль Џьумка-иҧа Ҳаџьымба икандидатура алкаара алыршахеит зхықәкы анагӡара зылшо, аҧышәа змоу, иҭышәынтәалоу, ахачҳара зныҧшуа, аҧсуа ҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу астратегиатә уснагӡатәқәа бзианы издыруа, урҭ ӡбашьас ирымоугьы еилыкка избо анапхгаҩы ицәаҩа иабзоураны.
Рауль Џьумка-иҧа иусуреи Ареспублика иамоу аихьӡарақәеи ҩашьаӡом иубаратәы иҟалаз аҧсуа ҳәынҭқарра аӷәӷәахарала. Иумбар залшом ауаажәларратә еизыразра, азинтә леишәа аҭышәынтәалара, аҳәынҭқарраҿы азакәанра аҕәҕәахара ишалагаз.
Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы инеира, агәра згоит, атәыла аихьӡарақәа ирылагамҭаны ишыҟало.
Акыр иаҧсоу сашьцәа аҧсуаа!
Ҳарҭ ҳажәларқәа ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аиҩызара еиднакылоит. Ҳарҭ еиҳагьы ҳаизааигәанатәит ҳзеиҧш лахьынҵа, ахақәиҭразы ақәҧара, ижәытәӡатәиу ҳҳәынҭқаррақәа реиҭеира. Ҳтәылақәа жәҩахыреибыҭарала жәларбжьаратәи азхаҵара амҩа иануп. Гәахәарала иазгәасҭарц сҭахуп Рауль Џьумка-иҧа илагаламҭа ду ҳҳәынҭаррақәа ирыбжьоу аиҩызаратәи аиашьаратәи еизыҟазаашьақәа рыҟны. Алада Уаҧстәылан агәра ргоит ҧсахрада ҳтәылақәа ирыбжьоу аимадареи аусеицуреи рырҿиара иадгыло Аҧсны Ахада Ҳаџьымба аҧхьаҟагьы ҩ-жәларык реиҩызареи лҵшәабзиала русеицуреи дшацхраауа.
Рауль Џьумка-иҧа, аҭакҧхықәра ду зцу имариам ахада имаҵураҟны ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа, Аҧсни Аҧсны жәлари рыхьӡала имҩаҧыжәго анапхгаратә усураҟны ақәҿиарақәа.
Аҧсны жәлар ирыдыскылоит аҭынчра, амилаҭтә ҳәоуеиқәшәара, аизҳазыҕьара, аихьӡара ҿыцқәа».
Ацеремониаҟны иара убас иқәгылеит: Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Ольга Тимофеева, Аҩадатәи Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистр Сергеи Чеботариов. Никарагуа Ареспублики анапхгара ахьӡала Ахада дидныҳәалеит Аҧсны иҟоу Никарагуа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес-Мехиа, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика анапхгара ахьӡала – ПМА Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Александр Коршунов, Арцах Ареспублика анапхгара ахьӡала – Арцах Ареспублика Акультура аминистр Лерник Ованнисиан, Адыгеиа Ареспублика ахьӡала – Аҳәынҭқарратә Хеилак –Хасе Ахантәаҩы Владимир Нарожныи, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика ахьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит ҞБА Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Муҳамед Кодзоков, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика ахьӡала – ҞЧА Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Мусса Екзеков. Адныҳәаларақәа ирыҧхьеит иара убас Ачечентә Республика Ахада ихьӡала, Аҩада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада –Аланиа Ахада ихьӡала. Иара убас ацеремониаҟны иқәгылеит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аҧсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба, Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлартә Республика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Владислав Деинего, Калмыкиа Ареспублика Аиҳабыра Ахантәаҩы Иури Заицев.