07.10.2019
Жьҭаарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира!
Шәара шәнапхгарала Урыстәылатәи Афедерациа аполитика аус аҟны гәыҩбарада иалыршоуп аихьӡара дуқәа, иӡбоуп асоциалтә-економикатә ҿиара азҵаарақәа. Урыстәыла аҳәынҭқарра аҿиара иаиуз аҩаӡара ҿыц атәылауаа рҭагылазаашьа аиҕьтәреи адемократиатә еиҿкаарақәа еиҧҟьарада рыҿиареи алнаршеит.
Аҧсны жәлар есқьынгьы иргәалашәоит, ахәгьы ҳаракны иршьоит ҳҳәынҭқарра аиқәырхараҟны шәлагаламҭеи уи иашәҭо асоциалтәи аекономикатәи цхыраареи.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, аҭагылазаашьа схы иархәаны, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп агәабзиара, ақәра ду, аҭынчра, шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа».