14.05.2015
Владислав Суроков иҟнытә адныҳәаларатә аацҳамҭа
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Сурков Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70-шықәсаихыҵра амш инадҳәаланы Рауль Ҳаџьымба дидныҳәалеит.
Адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы иҳәоуп:
«Владислав Григори-иҧа – Аҧсны Афырхаҵоуп, аҧсуа ҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы ақәҧара дасимволуп».
14.05.2015
АУСҦҞА
“Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәшазы”
14.05.2015
Абыжьбатәи аҟәша Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара иалгоуп
Иахьа Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара иалгоуп.
Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа аштат иалгоуп аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа.
14.05.2015
АУСҦҞА
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр азы
14.05.2015
АУСҦҞА
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҟнытә Лолуа Р.В. ихы иақәиҭтәразы.
14.05.2015
Даҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр
Иахьа Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс даҭоуп Беслан Бадра-иҧа Ҳагба.
14.05.2015
Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини еиҧылараны иҟоуп
Уаанӡа имҩаҧгаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны лаҵарамза 15 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиҧылара.
13.05.2015
Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылҧаз Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны
Рауль Ҳаџьымба даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысз ахәылҧаз.
12.05.2015
Владислав Арӡынба ибаҟа аартра
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Раҧхьатәи Ахада, аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибаҟа Тҟәарчал ақ. аҟны аартра иазкыз ацеремониа далахәын.
12.05.2015
Баграт Шьынқәба имшира
Иахьа иазгәарҭоит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны жәлар рпоет Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 98 шықәсаҵра.
12.05.2015
АРУТИУН ЧАКРИАН ИБИУСТ АҞНЫ АШӘҬ ШЬҬАҴАРА
,
Рауль Ҳаџьымба ашәҭқәа шьҭаиҵеит Гәмысҭа ақыҭа абжьаратәи ашкол ашҭаҿы иқәыргылоу Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Чакриан ибиуст аҟны.
12.05.2015
ДАҬОУП АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СТАТИСТИКА АУСБАРҬА АИҲАБЫ
Иахьа Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп Гогиаҧҳа Кама Алеқсеи-иҧҳа.
10.05.2015
Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ЖӘРАР аҿы
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа ЖӘРАР (апавилион “Аҧсны”) аҟны 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирылахәын.
09.05.2015
Аиааира Ду 70 шықәсахыҵра ахьӡала аконцерт
Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахадеи атәымҳәынҭқаррақәа рхадацәеи дрыцны дыҟан «Аиааира Дуӡӡа амҩала» аконцерт аҟны. Уи мҩаҧысит Ашҭа ҟаҧшь аҿы, иагьхнаркәшеит 1941–1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира аиубилеи иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа
09.05.2015
Урыстәыла Ахада ихьӡала аныҳәа иадҳәаланы имҩаҧгаз адкылара
09.05.2015
Рауль Ҳаџьымба дрылахәуп Аиааира Ду 70 шықәсахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿы Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп.
08.05.2015
Аџьынџьтәылатә eибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи Аҧсны жәлари Аиааира Амш рыдныҳәалара
07.05.2015
Иаҵаҩуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра -техникатә, акультуратә усеицура арҿиара хықәкыс измоу Амеморандум
Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра - економикатәи, аҭҵаарадырра – техникатәи, акультуратәи усеицура арҿиара хықәкыс измоу Амеморандум анапаҵаҩра ацеремониа
07.05.2015
Удмуртиа Аиҳабыра алахәылаҩцәеи Аҳәынҭсовет адепутатцәеи рҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аделегациа Ижевск ақ. аҿы Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыра алахәылаҩцәеи Аҳәынҭқарратә Совет адепутатцәеи ирҧылеит.
Аиҧылара далахәын Удмуртиа Ахада Алеқсандр Соловиов.
07.05.2015
Рауль Ҳаџьымбеи Алеқсандр Соловиови реиҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Удмуртиатәи Ареспублика Ахада Алеқсандр Соловиови еиҧылеит.