12.09.2019
Никарагуа Ареспублика Ахада Даниель Ортега Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иеиҭалхра идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иазгәаҭоуп:
«Никарагуа Ареспублика амилаҭтә акреи аинаалареи реиҳабыра ахьӡала, иара убас ҳажәлар рыхьӡала гәык-ҧсыкала аиашьа иаҳасабала ишәыдаҳныҳәлоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иеиҭа шәалхра.
Ҳара агәра ганы иаҳҳәоит гәыҩбаракгьы шҳамамыз Аҧсны жәлар иақәнагоу иалхраҿы агха шыҟарымҵоз.
Аҵак ҷыда змоу абри амш аҽны ҳара агәра ҳгоит иссиру атәыла, Аҧсны Аҳәынҭқарра игәрагоу анапы ишану, иара Ахада напхгаҩны мацара акәымкәа, зыжәлар ртәы бзианы издыруа, еилызкаауа, ҳаҭыр рықәызҵо, ирыхӡыӡаауа ҩыза иашаны дшырзыҟало.
Ишәыдышәкыл адныҳәалара, ҳаҭырла Шәаргьы, шәеиҳабырагьы, шәыжәларгьы ирзыҟоу иқьырсиану атәыла, есқьынгьы шәара ишәыдгыло Никарагуа Ареспублика аҟнытә».