Башар Асад Имшира идныҳәалара

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Асад Имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Имариам аҭагылазаашьаҟны атәыла напхгара аҭараҿы ахачҳареи агәымшәареи аарҧшуа, Шәара ишәылшо зегьы ҟашәҵоит Шьамтәыла ауаажәлар рыҧсҭазаашьа аиҕьтәразы.

Гәыблыла исгәалашәоит иҳаҩсыз ашықәс ҭагалан мзазы Дамаск ҳаҟазаара. Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациазы хәы змам ҧышәоуп рыблала ирбаз шьамтәылауаа ирылоу афырхаҵареи жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы ақәҧараҟны реидгылареи. Ауадаҩрақәа иҟоу шәыриааины, Шәара аҿиаразы ишәымоу агәаҳәара ҳаҭыр дула иазнеитәуп ҳәа исыҧхьаӡоит.

Сара агәра ганы сыҟоуп ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратәи аекономикатәи еимадарақәа рырҕәҕәара аҭахуп ҳәа. Итрадицианы иҟалаз шьҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Дамасктәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа алахәра ҳтәылақәа рбизнес-еидгыларақәа рыбжьара аимадарақәа рырҿиаразы аҵак ду амоуп.

Ҳаҭыр зқәу Ахада, даҽазныкгьы ҳажәлар зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵаразы ишәыдышәкылаз аӡбамҭазы. Ари алшара схы иархәаны, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, Шьамтәылатәи Арабтә Республика иқәынхо ҳаиашьаратә жәлар зегьы ирыгымзааит – аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыҕьара». 


Возврат к списку