Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада инапы аҵаиҩит Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара иазку ахықәкытә программа апроект азырхиаразы Адҵа

25.06.2019

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара иазку ахықәкытә программа апроект азырхиаразы Адҵа анагӡара ҿҳәарас иаҭаны 2020-2022 шш.

Адокумент аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«1994 ш. абҵара 26 рзы ирыдыркылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа (№ 187-с) ахәҭаҷ 53, иара убас 2007 ш. абҵара 29 рзы ирыдыркылаз “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бызшәа азы” Азакәан (№ 1891-с-IV) инақәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара иазкны иаладырҵәо аусмҩаҧгатәқәа рымҽхак арҭбаара хықәкыс иҟаҵаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара ирыдҵазааит:

–2019 ш. ҧхынҷкәын 1-нӡа ҿҳәарас иаҭаны иазырхиазарц, насгьы иазыҧҵәоу ҧҟарала ахәаҧшразы инагазарц аҳәынҭқарратә хықәкытә программа – Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы (уи анагӡара 2020–2022 шш. ҿҳәарас иаҭаны) (анаҩсан – Апрограмма апроект);

–2019 ш. ҧхынгәы 20-нӡа (Апрограмма апроект иаартны алацәажәаразын) ишьақәырҕәҕәазарц Апрограмма апроект азырхиаразын акомиссиа аилазаара, аҵарауаа рхеилаки (аекспертцәеи, аспециалистцәеи) Апрограмма апроект аус адулара апроцесс иадыҧхьаланы;

– 2019 ш. жьҭаара 1-нӡа ҿҳәарас иаҭаны, ахәаҧшразын инагазарц Апрограммеи, уи иахылҿиаауа апрограмма маҷқәеи, хазы иарбоу иарбанзаалакь апрограмматә усмҩаҧгатәқәеи (2020 шықәсеи, Апрограмма иамҽханакуа егьырҭ ашықәсқәеи ҿҳәарас ирзыҧҵәаны)».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org