21.06.2019
Рашәарамза 21 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1994 - 2008 шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа рыруаа рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониеи ИАР Аколлективтә мчқәа аҭынчра аиқәырхаразы абжьаҟазаратә операциа ианалагаз аахыс 25 шықәса аҵра инамаданы имҩаҧысыз амитинги дрылахәын.
Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа иара убас ирылахәын Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчызмоуи Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин, Аҧыза-министр Валери Бганба, 1994 - 2008 шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны абжьаҟазаратә миссиа назыгӡоз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа рветеранцәа, Аиҳабыра алахәцәа, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.