16.06.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟа атекст аҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Агәабзиарахьчара аусхк аҿы алшамҭақәеи акыршықәсатәи ламысцқьала аусуреи рзы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит:
Аиба Белла Гиви-иҧҳа - Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым-кардиолог;
Џьынџьиа Нелли Иаков-иҧҳа - Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа
аҳақьым- терапевт;
Зубариан Сергеи Артиом- иҧа - Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым -
терапевт;
Қьышьмариа Саида Сергеи- иҧҳа - Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым- кардиолог;
Смыр Маргарита Гьаргь- иҧҳа - Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым- кардиолог;
Ҭарба Белла Шамил-иҧҳа - Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аультрабжьтәы диагностика аҳақьым;
Ҳагба Алина Кирилл-иҧҳа - Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аҳақьым- кардиолог;
Қьецба Инна Шамил-иҧҳа - аҳақьым-ахаҧыцҟаҵаҩ, Ареспубликатә ҳәынҭқарратә стоматологиатә поликлиника атерапевтә ҟәша аиҳабы".