Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Урыстәыла Амш инамаданы иқәгылара

11.06.2019

Ахада Урыстәыла Амш инамаданы иқәгылара


Рашәарамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба  Урыстәыла Амш инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны дықәгылеит.

***

Ҳаҭыр зқәу Алексеи Аркади-иҧа! Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа!

Аиҩызара ҳзызуа Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны 1990 шықәса рашәарамза 12 арыцхә ҷыдала актуалреи аполитикатә ҵаки аиуит.

Абри амш аҽны ирыдыркылеит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа. Акрызҵазкуа ари ахҭыс урыстәылатәи аҳәынҭқарратәра ашьақәгылареи ашьақәырҕәҕәареи, зҭоурыхтә мҩа Урыстәыла алахьынҵа, уи аихьӡара дуқәа ирыдызҳәало ажәларқәа зегьы реидкыларазы иҟаҵоу шьаҿа ҕәҕәаны иҟалеит.

Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟала аиҭеира амҩа иану Урыстәыла ауадаҩрақәа, аамҭа хьанҭақәа ириааны, хьыӡла-ҧшала амилаҭтә интересқәа рыхьчара, арратә мчхара, атәылахьчаратә лшара арҕәҕәара алшеит, иахьагьы арра-стратегиатәи еиҳа хадара злоу асоциалтә-економикатәи уснагӡатәқәа рыӡбара зылшо апроект дуқәа рынагӡара иаҿуп.

Жәларбжьаратәи амчрақәак Урыстәыла аглобалтә процессқәа ралахәра аҧырхагахара   рыҽшазыршәогьы, адунеитә геополитикаҿы ихадароу аҭыҧ аанызкыло аҳәынҭқаррақәа ируакуп.

 Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аназханаҵа анаҩс, аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа хаҳаратәла аҿиарамҩа ҿыц ианылеит. Аамҭа-аамҭала анагӡара мҩаҧысуеит Урыстәылеи Аҧсни ирыбжьоу "Аидгылареи астратегиатә партниорреи рзы" Аиқәшаҳаҭра  аҧҟарақәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә дгылара иазку апрограмма қәҿиарала анагӡара иаҿуп.    

Абри аныҳәамш аҽны гәык-ҧсыкала аиҩызара ҳзызуа аҳәынҭқарра ажәлар зегьы срыдныҳәаларц, ирзеиҕьасшьарц сҭахуп агәабзиара, анасыҧ, аҧхьаҟагьы аихьӡарақәа!



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org