Ажәабжь ҿыцқәа

20.04.2015
Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит.

Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит.

17.04.2015
Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит
Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит

17.04.2015
Ихыркәшоуп Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит

Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит.

Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны

Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара.

Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара.

16.04.2015
Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара
Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба.

 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. 16.04.2015
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев.
Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит.

10.04.2015
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит.
Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба  Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров 09.04.2015
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров
Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы.

24.03.2015
Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит
Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы

  21.03.2015

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит.

Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны.

15.03.2015
Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит

Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит.

13.03.2015
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара.
Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада.

13.03.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала
Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла.

12.03.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа.
Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас  Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра.

12.03.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара.

12.03.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы»
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы»

11.03.2015
Адәныҟатәи аполитика ҳәоуеиқәшәарала амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум анапаҵаҩразы ахцәажәарақәа
Хәажәкыра 11 Москва Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи русқәа рзы аминистрцәа Виачеслав Чрыгбеи Сергеи Лаврови ҳәоуеиқәшәарала Адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит.

03.03.2015
Ишьақәырҕәҕәоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа ашьақәырҕәҕәаразы» Аусҧҟа.

23.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа лҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист  Хьыбла Герзмааҧҳа дылҧылеит

20.02.2015
Аҧсны Ахадеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Жәабран 20, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа –анаплакыҩцәа, абизнесуаа.

19.02.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион ауаажәларра рхаҭарнкцәа рҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион актив дырҧылеит


Новости 2881 - 2900 из 2940
Начало | Пред. | 143 144 145 146 147 | След. | Конец Все