28.05.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Алада Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бибилов «Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ» ҳәа ахьӡ ихҵаразы Аусҧҟа.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Аҧсны-уаҧстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиараҟны хаҭалатәи илагаламҭазы, Нхыҵкавказтәи арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырҕәҕәаразы Бибилов Анатоли Илиа-иҧа «Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ» ҳәа ахьӡ ихҵазааит».