27.05.2019
Лаҵарамза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Вианор Логәуа «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы Аусҧҟа.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Амилаҭтә хореографиатә ҟазара арҿиараҟны илшамҭақәа рзы, аҧсуа культура аларҵәараҿы илагаламҭазы Логәуа Вианор Ҷыҷыкәа-иҧа, Очамчыра араион жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль «Ерцахә» асахьаркыратә напхгаҩы «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ианашьазааит».