22.05.2019
Лаҵарамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахыбра аҿаҧхьа имҩаҧысуаз аҿагыларатә акциақәа раан змаҵура назыгӡоз азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит имҩаҧысуаз ахҭысқәа раан иаашәырҧшыз ачҳареи апрофессионалтә знеишьеи рзы. Сара гәадурала иазгәасҭарц сҭахуп қәнагала змаҵура анагӡара зылшо, апрофессионалцәа, аҵара бзиа зауз ауаа ахьҳамоу»,- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.