Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира Амш идныҳәалара

09.05.2019


Лаҵарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 74 шықәса ахыҵра амш.
Лаҵарамза 9 – ҳтәылақәа рҭоурых аҟны ҷыдала аҵакы змоу рыцхәуп. Ари жәларызегьы ирныҳәоу амш иаҳзеиҧшу Ҳаҧсадгьыл – Асовет Еидгыла хьӡы-ҧшала ахақәиҭтәра зылшаз аиааира ҳзаагаз рфырхаҵара иадҳәалоуп.
Урҭ иаадырҧшыз ахачҳареи ахамеигӡареи Аҧсадгьыл абзиабара иашазы иҿырҧшыганы иҟоуп ҳара ҳзы. Ари амш аҽны ҳара гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит фырхаҵарыла анацизм гыгшәыгра иаҿагылаз.

Иахьагьы Аҧсадгьыл ахьчара — ҳтәылауаа уалҧшьаны ирыҧхьаӡоит, абиҧарақәа зегьы рзы иламысуп уҳәар ҟалоит. Ҳара еиқәырханы иааҳгоит ҳабацәа, ҳабдуцәа рфырхаҵаратә ҵасқәа урҭ ҳашьҭахьҟа иааиуа абиҧарақәа ирымаҳдарц.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, аҭагылазаашьа схы иархәаны ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, аихьӡарақәа, Урыстәыла ажәлар зегьы – аҭынчреи аизҳазыҕьареи».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org