Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҟәа ақалақь абжьаратәи школ № 2 аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирызкны аилацәажәара мҩаҧигеит

06.05.2019

Лаҵарамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь абжьаратәи  школ № 2 аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы аилацәжәара мҩаҧигеит. 

Аҵареи аҭҵаарадырреи  рминистр Адгәыр Какоба иқәгылараҟны иҳәеит 2-тәи абжьаратәи школ аҵаҩцәа Аҟәа ақалақь ашколқәа хҧа рахь ишдәықәҵоу. Аҵаратә процесс иацҵахеит амзартә план инақәыршәаны. 
Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы  Игор Амқәаб Ахада адырра ииҭеит ахыбра атехникатә ҭагылазаашьа агәаҭара шымҩаҧгоу. Алкаақәа инарықәыршәаны, аҵаратә корпуси аспорттә корпуси рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа  аҭахӡам. Урҭ рҭыҧ иқәҵаны ихыбтәуп. 
1870 шықәса иаҵанакуа ашкол аҭоурыхтә корпус аҟны ахыб зықәгәылаз аиҭахыҕәра  арбгара аҭаххоит. Иара убас ирбгатәхоит аҩбатәи аихагыла аҭыӡқәа рыхәҭак, урҭ анаҩс рышьҭыхразы. 
Аҵаратә корпуси аспорттә корпуси рхыбқәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа хара имгакәа  ирылагараны иҟоуп. 

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит цәыббрамза 1 азы ахәыҷқәа ашкол ахыбраҿы аҵарашықәс ҿыц азы аҵара иалагартә аҭагылазаашьа роуртә еиҧш  иазҧхьагәаҭоу аусурақәа иаарласны рынагӡаразы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org