Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵала иаҧҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа Атәылахьчара актәи аминистр, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рыштаб хада ҧасатәи аиҳабы, аинрал-леитенант, Леон иорден занашьоу, Аҧсны Афырхаҵа Владимир Аршба диижьҭеи 60 шықәса аҵра инамаданы.
Акомиссиа аилазаара иалоуп:
Бганба В.Р. – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр – Акомиссиа ахантәаҩы;
Аршба В.Ш. – ауаажәларратә усзуҩы;
Беиа М.Ҷ. – В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аҧша амузеи адиректор;
Гәуниа И.Ҷ. – Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадараеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилак ахантәаҩы (иақәшаҳаҭхарала);
Занҭариа В.К. – Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иабжьгаҩ;
Қьишьмариа М.Б. – Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр;
Маршьаниа З.К. – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Аппарат Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ;
Ҳаразиа А.Р. – Аҟәа ақ. администрациа ахада.