Ахада аилацəажəара мҩаҧигеит Аҧсны Аҳəынҭқарра атәылауаҩ изеиҧштəылауаҩшəҟəы иҭара азҵаарақəа ирызкны

Ахада аилацəажəара мҩаҧигеит Аҧсны Аҳəынҭқарра атәылауаҩ изеиҧштəылауаҩшəҟəы иҭара азҵаарақəа ирызкны

Лаҵарамза 2 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацəажəара мҩаҧигеит Аҧсны Аҳəынҭқарра атәылауаҩ изеиҧштəылауаҩшəҟəы иҭара азҵаарақəа ирызкны.

Аҩныҵҟатəи аусқəа рминистр Гарри Аршба аилацәажаәара иалахəыз адырра риҭеит ҳазҭагылоу аамҭазы зынӡа 118 495 зеиҧштəылауаҩшəҟəы шрыҭоу, 7919-рыҭара ишазыхиоу, 3119-аҭыжьра ишазхиоу.

Ахада идҵала араионтәи ақалақьтәи Администрациақəа рхадацəа ААР атәылауаҩратә ҟәшақәа ацхыраара рырҭароуп ихиоу атәылауаҩшәҟәқәа рыҭараҿы.

Иара убас араионқәа рхадацәеи ақыҭақәа Радминистрациақәеи азеиҧштəылауаҩшəҟəы аиуразы здокументқəа алазымҵац ауааҧсыра аинформациа роуртә еиҧш аусура мҩаҧыргароуп.



Возврат к списку