28.04.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго ақьырсиануааи Амшаҧныҳәа азгәазҭо Аҧсны ауаажәларра зегьи дрыдныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Ақьырсиан ныҳәа ду - Мшаҧы!
Мшаҧы лаша анцәахаҵара зырҕәҕәо, ақьырсиан ҟазшьа бзиақәа рыла ауаа еидызкыло ныҳәоуп. Анцәа иныҳәаҧхьыӡ ҳадгьыл иагымзааит, иҟалааит ҳҳәынҭқарраҟны доуҳала аиҭеира, аиҭаҿиара.
Иҧшьоу абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, шьардаамҭа насыҧла аҟазаара!».