15.04.2019
Мшаҧымза 15 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Какалиа Е.И. изаамҭанытәиу акласстә чын ианашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ианашьазааит «Аиустициа 3 акласс иаҵанакуа аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» ҳәа изаамҭанытәиу акласстә чын Какалиа Ешсоу Иван-иҧа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада Актәи ихаҭыҧуаҩ».