Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Приднестровиа Ахада Вадим Красносельски имшира идиныҳәалеит

14.04.2019

Мшаҧымза 14 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.
Иуадаҩыз аамҭақәа рзы атәыла напхгара аҭо, Шәара шәтәыла иқәынхо ауааҧсыра рыҧсҭазаара аиҕьтәразы ишәылшо зегьы ҟашәҵоит. Иахьа Приднестровие ареспублика аҧсҭазаара аусхкқәа зегьы гәацҧыҳәарала аҿиара иаҿуп, уи аҟны, ҳәарада Шәара шәлагаламҭа дууп.
Гәахәарыла исгәалашәоит Шәара напхгара зышәҭоз приднестровиатәи аделегациа Аҧсны Аҳәынҭқаррахь аара. Сара агәра згоит ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы ишыҕәҕәахало, ҳажәлар реизҳазыҕьара ахьӡала рыҿиара шымҩаҧысло.
Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иҧа, ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа аҭакҧхықәра зцу амаҵураҟны».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org