Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭа азҵаара иазкны

11.04.2019

Мшаҧымза 11 рзы Ахада Рауль Ҳаџьымба Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵара азҵаара иазкны.
Аилатәараҿы иазгәаҭан Алашарбага аҳаблаҿы агәамкажьырҭа аҭыҧ аркразы  агәам-сам еилызхуа мыругала еиқәыршәоу аполигон аргылара шаҭаху. 

Ари аусмҩаҧгатә Аинвестициатә программала иазҧхьагәаҭоу афинанстә харџь азоужьрала анагӡара алыршахоит  Гәылрыҧшь араион аҟны аполигон аргыларазы ахарџь ахәҭак арахь аиагарала Урыстәылеи Аҧсни Реиҳабырабжьаратә комиссиа азыразхара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Анаҩстәи Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаҧысуеит 2019 ш. лаҵарамзазы.  

Аполигон аргыларазы аусура, аекологиатә, агеодезиатә,  агидрологиатә, агидрометеорологиатә, агеологиатә ҭҵаарақәа налаҵаны, иара убас  апроекти аусуратә документациеи разырхиара шықәсыбжак аҭахуп.
Аилатәара аихшьалақәа рыла  аӡбамҭа рыдыркылеит Алашарбага араион аҟны агәамшьҭаҵарҭатә ҭыҧ 2019 ш. абҵарамза 30 рзы иаркхоит ҳәа. Убри аамҭа иалагӡаны  абзазаратә црыҵ кьакьақәа еилыганы рышьҭаҵарҭа аргылареи ахархәарахь рыҭареи рзы  ауснагӡатәқәа зегьы мҩаҧгахоит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org