31.10.2018
2018 ш. жьҭаарамза 30 рзы аоппозициа аҧшьгарала имҩаҧысыз ауаажәларратә еизараҿы ҩаҧхьа атәыла анапхгара рахь иаабац-ариторика рхы иадырхәеит.
Иқәгылоз атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҽеим ҳәа иахцәажәон даҽазныкгьы аҳәынҭқарра Ахада иаамҭаӡамкәа ҧхьатәара ицаразы азҵаара ақәыргыларазы.
Ахада инапынҵақәа еффективла рынагӡара илшом ҳәа, ауаажәларратә зинеилагарақәеи азакәанқәа рықәымныҟәареи ыҟоуп ҳәа авба иҭо, аоппозициа аҧхьагылаҩцәа рхаҭақәа "аҿагыларатә усмҩаҧгатәқәеи азинеилагаратә акциақәеи" реиҿкаара ҟалоит ҳәа ирыҧхьаӡоит. Аҳәынҭқарра Ахада иаамҭаӡамкәа ҧхьатәара ицаразы азҵаара ақәыргылареи заа алхрақәа рымҩаҧгареи Аконституциеи алхратә закәанҧҵареи ирҿагылоуп. Ас еиҧш азҵаара ақәыргылареи ахҭысқәа ирҧыҩланы рырццакреи атәылаҿы ауаажәларра-политикатә ҳәоуеиқәшәара алнаршоит, уи иацхраауеит ҳәа узҳәаӡом.
Аконституцатә нормақәа рыла ишьақәыргылоу аҿҳәара инақәыршәаны ихацыркхо алхраламҭалазтәи акампаниа акурорттә аамҭа изаҟаразаалак ианыҧшӡом, избанзар Ахада иалхрақәа иарбан демократиатә ҳәынҭқарразаалак аҟны хырҧашьа змам политикатә процессуп, ашықәс аамҭақәа ирхьыҧшӡам.
Ишәгәалаҳаршәарц ҳҭахуп, 2011-2014ш.ш. рзы имҩаҧысыз Ахада иалхрақәа, иара убас хаз игоу аоппозициатә мчрақәа иаҧшьыргаз ареферендум аҧхын шакәыз ианымҩаҧгаз, акурорттә аамҭагьы ишырҧырхагамхаз.
Ахада изныкымкәа ирылеиҳәахьеит, атәыла аполитикатә мчрақәа зегьы Аконституциеи аус зуа азакәанҧҵареи еиламгакәа ирықәныҟәалар шакәу.