21.09.2018
Цәыббрамза 20 рзы Цхьынвал имҩаҧысит Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәбеи Алада Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бибилови реиҧылара.
Цәыббрамза 20 рзы Цхьынвал имҩаҧысит Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәбеи Алада Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бибилови реиҧылара.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҿы дыҟоуп иара убас, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ацҳаражәҳәаҩ гәрага Олег Аршба. Аделегациа алахәхоит Алада Уаҧстәыла Аҳәынҭқарра Амш ныҳәа азгәаҭара.
Анатоли Бибилов Аҧснытәи аделегациа аҧсшәа реиҳәеит.
"Иҭабуп, ҳреспублика шәахьаҭааз. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳашьцәа аҧсуаа ҳныҳәатә мшы иахьалаху, ҳгәырӷьара ахьҳацеиҩыршо, дарбанызаалак ҳтәыла иқәынхо уи гәахәарыа идикылоит. Аҧсни Алада Уаҧстәылеи Асовет Еидгыла анеилаҳа инаркны, еициз аишьцәа реиҧш аполитикатә ҭагылазаашьаҿы аҿиара рыман, шәара иахьатәи ҳныҳәа шәхы ахьалашәырхәыз ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит"- иҳәеит Анатоли Бибилов.
Иара иазгәеиҭеит, гәахәала ишидикылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба цәыббрамза 30 рзы имҩаҧысраны иҟоу Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аҧсуа жәлар иргаз Аиааира 25ш. ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа аҽрылархәразы ааҧхьара ахьииҭаз.
Адгәыр Лышәба Анатоли Бибилови Алада Уаҧстәыла ажәлари аныҳәа хада рыдиныҳәалеит.
Ари арыцху шьала икәабоуп, ауаҧс жәлар зегьы рхьыҧшымра амҩа аныҧшуеит. Шәара ииашаны ишазгәашәҭаз еиҧш, Анатоли Илиа-иҧа, ҳарҭ ҳазнысыз амҩақәа еиҧшуп, аҭынч ҧсҭазаара аҟнеиҧш, аибашьра аамҭазгьы, убри аҟынтә шәгәырӷьара гәыкала ишәыцеиҩаҳшарц ҳҭахуп"-иҳәеит иара.