Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ипрессмаҵзура ахҳәаа

06.09.2018

Ҳазҭоу ашықәс, цәыббрамза 5 рзы  имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьчаразы Азеиҧшмилаҭтә еиҿкаара аштаб анапхгаҩы ипресс-конференциа.

Ҳара адгылара аҳҭоит, аконференциаҟны   аштаб аусура Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа азакуан хада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит ҳәа иҟаҵоу аҳәамҭа. Аха аиҿкаара алахәцәа "рзеиӷьашьара хаданы"иҟоуп хатәгәаҧхарала,  насгьы иҿҳәарааинӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ҧхьатәара ицара. Иара убас, апресс-конференциаҿы ирылаҳәан агәаанагара 2019ш.рзы имҩаҧысраны иҟоу Ахада иалхрақәа рахь уажәтәи Ахада икандидатура аҩбатәи аҿҳәаразы иқәимыргыларц азы агарантиа  шыҟазаракәу.
Ас еиҧш азҵаара ақәыргылара азакәан аҧҟарақәа еиланагоит ҵаҵҕәгьы амаӡам ҳзәа иҳаҧхьаӡоит. Аконституциа инақәыршәаны, Ахада имаҵзура аҟынтә ихы дақәиттәзар илшоит иҭоубашьҭаҵареи, Аконституциеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи данрыцәхьаҵ аамҭазы. Ари аҩыза аӡбамҭа аднакылоит Апарламент, Аконституциатә ӡбамҭа алкаа ашьаҭала ҩба ахҧатәи рыхәҭа рыбжеиҳараҩык рыбжьы анақәдырга. Ишаҳбо ала,  иҿҳәараиаанӡа Ахада имаҵзура ашьҭаҵара иарбанзаалак закәантә шьаҭак амам.
Ахада аҩбатәи аҿҳәарахьы икандидатура ақәыргыларазы ишьҭыху азҵаара аҭак ҟаҵо, иҳәатәуп, уи макьана ишзаацәоу. Аҳәынҭқарра Ахада апресс-конференциақәа рҿы изныкымкәа ари азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәахьеит, ауаажәларра рҟынӡа аҵыхәтәантәи иӡбамҭа шнеиго, Аконституциеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵареи ишьақәдыргыло аҿҳәара инақәыршәаны.
Иара убас, зҿлымҳара амазарц ҳҭахуп, Аконституциеи алхратә закәанҧҵареи ишҳәаақәырҵо алхрақәа рыҽлырахәра зылшои излымшои.
Иазгәаҳҭарц ҳҭахуп, ас еиҧш иҟоу ааҧхьарақәа   ҿыц иаҧҵоу аиҿкаара злацәажәо ахықәкы - Аҧсуа жәлар реидкылара анагӡарахь ишнанамго.

 


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org