08.08.2018
Нанҳəамза 8 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц Шьамтәылатәи Арабтə Республика Аекономикеи адəныҟатəи ахəаахəҭреи рминистр Муҳаммед Самир Ҳалыл диҧылеит.
Аиҧылараҿы аганқəа Аҧсны Аҳəынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтə Республикеи рыбжьара ахəаахəҭра-економикатə усеицзура арҿиара, иара убас ахəаахəҭра-економикатə усеицзуразы иазҧхьагəаҭоу аиқəшаҳаҭра анапҵаҩра ирызкыз азҵаатəқəа ирылацəажəеит
Беслан Барцыц усуратə визитла дыҟоуп Шьамтәылатәи Арабтə Республикаҿы. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжəба.